АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2023

Максим Решетников: «Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара – ҵабыргны Аԥсны азы ҭоурыхтә хҭысны иҟалоит».

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистри Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аусшәҟәы атекст аусдулара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишиашоу авиаеимадара аиҭашьақәыргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз адҵа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аофициалтә саит.  

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, урыстәылатәи аган аинвестициатә проект аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡара ахахьы иагоит, аԥснытәи – иарбоу аинвестициатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылахо аобиектқәа рхатәра азинқәа рыхьчаразы иҷыдоу аҳәынҭқарратә хәдуқәҵарақәа, иара убас ашәахтә зинҷыдақәеи ашәахтә ԥхықәрақәеи, иара убас аргыларақәа рзы адгьылтә ҵакырақәа рзоужьразы аԥхықәрақәеи ахахьы иагоит.

Максим Решетников иажәақәа рыла, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ииашоу авиаеимадара аиҭашьақәыргылара аҩ-ҳәынҭқаррак рнапхгарақәа арегионқәеи абизнеси алархәны атуризм аҿиара иазкны  инарыгӡо астратегиа ду иахәҭакны иҟоуп.

«Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза – аԥсны азы аҭоурыхтә хҭысны иҟалоит. Аҳаирбаӷәаза абар шьҭа 30-шықәса раахыс аус ауӡом. Ари афакт ареспублика атуристтәии аусуратәи аусхкқәа рыҿиара ӷәӷәала иаԥырхагоуп, – ҳәа иазгәеиҭеит иара.  – Урыстәыла азы аҳаирбаӷәаза аамҭак ала ҩ-проблемак аӡбараны иҟоуп – иахьатәи амш азы урыстәылатәи атәылауаа рзы Аԥсныҟа рааразы ихадоу ҭыԥқәаны иҟоу Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи ахырхарҭарацәа змоу автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә пункт «Адлер» ирымоу ақәыӷәӷәара ӷәӷәа армариоит.  

«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аҳаирбаӷәаза аусура аиҭалагара атуристцәа рзы ареспублика аҟынӡа атранспортә наӡареи ҳтәыла жәларбжьаратәи атранспорт-логистикатә системаҿы алшарақәа рацҵареи шалнаршо», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озган.

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа хазхаҭалатәи аинвестор ихарџьла, афедералтә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа ралагаларада, ҩ-етапкны имҩаԥгахоит. Урыстәыла атранспорт Аминистрреи Урыстәыла авиациа Аминистрреи иарбоу апроект анагӡара зхахьы изгаз аинвестори заанаҵтәи рыхәшьарала аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара актәи аетап ахарџьынҵа  6,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

«Апроект анагӡара актәи аетап аҟны иарбоуп 2,4 км. иҟоу ацәаҳәа (ацәаҳәа аура 3,6 км-аред.), аԥсҟы арҵәирҭақәа руаки адгыларҭеи, уаҟа аҳаирпланқәа хәба рыргыларазы алшара ыҟоуп. Уи апассаџьыртә ҳаирпланқәа  SSJ-100, МС-21, иара убас аидарамҩангагатә ҳаирпланқәа гИЛ-76 рыдкыларазы алшара аԥнаҵоит. Уи адагьы, аҳаирбаӷәаза ахыбра аиҭашьақәыргылара арбоуп, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.

Ишазԥхьагәаҭоу ала, аиҭашьақәыргылара актәи аетап аҿы шықәсык ала апассаџьырцәа рыиагара 375,8 нызықьҩык апассаџьырцәа рҟынӡа инаӡароуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҩбатәи аетап алагоит шықәсык ала имҩаԥгахо апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 1 миллионҩык рҟынӡа ианынаӡалак ашьҭахь. Апроект иазԥхьагәаҭоу аҽҳәара иҭагӡаны анагӡара залыршахар, аҳаирбаӷәаза аусура аиҭалагара 2024 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбаразы иазԥхьагәаҭоуп». Иҟоу адыррақәа рыла, аҳаирбаӷәаза ҿыц апассаџьыртә мҩангара 1,2 млн.ҩык рҟынӡа инаӡалоит.

 

 

 


Read 334 times - Амҽыша, 18 Рашәара 2023 19:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.