АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2023

Кристина Озган: Аҳаирбаӷәаза азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра – ари 30 шықәса зегьы ҳаззыԥшыз хҭыс дууп.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарразы даара акыр зҵазкуа ахҭыс ҟалеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара авиоеимадара аиҭалагареи рзы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьыҟалаз даара асимволтә ҵакы аҵоуп», -ҳәа Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь илҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

«Ацҵацәарада исҳәар сҭахуп, ҳтәыла азы ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп. Уи 30 шықәса зегьы ҳаззыԥшыз хҭыс дууп. Иарбоу аинвестициатә проект анагӡара Аԥсны аекономика аҿиара даара хра злоу анырра анаҭоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.  

Кристина Озган лажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра апроект анагӡараан аганқәа рҭакԥхықәрақәа алнакаауеит, ахәҭакахьала, уи Аԥсны Аҳәынҭқаррала апреференциақәеи азинҷыдақәеи рыҭара азԥхьагәазҭо иҷыдоу аинвестициатә режим шьақәнарӷәӷәоит.  

«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аҳаирбаӷәаза аусура аиҭалагара атуристцәа рзы ареспублика аҟынӡа атранспортә наӡареи ҳтәыла жәларбжьаратәи атранспорт-логистикатә системаҿы алшарақәа рацҵареи шалнаршо», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Ари ахҭыс ҟаларц азы даара мхакы ҭбаала аусура нагӡан, уи рхы аладырхәит Урыстәыла атраспорт Аминистрреи аекономикатә ҿиара Аминистрреи Урыстәыла авиациа Аминистрреи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Кристина Озган Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови ари ахҭыс аҟаларазы злагала алазҵаз Урыстәыла аганахьала лколлегацәа зегьи иҭабуп ҳәа ралҳәеит.  


Read 410 times - Асабша, 17 Рашәара 2023 21:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.