АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Апарламент аилатәара актәи аԥхьараҿы Аҳазылхратә Закәанеидкыла рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Закәанеидкыла апроекти «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Заканеидкыла азинмчы аиура азы» азакәан апроекти рыдыркылеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак Анри Барцыц, хра злоу аиҭакрақәа маҷымкәа излагалоу, ирҿыцу анорма-зинтә шәҟәынҵа  адкыларазы адгылара шыҟаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳколлегацәа алархәны зымҽхак ҭбаау аҩганктәи аусура мҩаԥган.  Ари ашәҟәынҵа Аԥсны амчра аусбарҭақәа рҿы ақәыршаҳаҭра апроцедурақәа ирхысит», - ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа иажәақәа рыла, ари апроект атауарқәеи атранспорттә хархәагақәеи аҳазылхратә ҳәаа рахысра еиҿнакаауеит, урҭ рдиклорациа аҟаҵара, иара убас егьырҭ хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атауарқәа рганахьала аҳазылхратә операциақәа рынагӡара ҳәаақәнаҵоит.

«Аҳазылхратә Закәанеидкыла апроект аҳазылхратә усбарҭақәа рыструктура шьақәнарӷәӷәоит, иара убас аҳазылхратә шәатәқәеи иҷыдоу абаџьқәеи рымҩаԥгареи атауарқәа ружьҭра ашьҭахь аҳазылхратә гәаҭара анагӡареи ҳәаақәнаҵоит», –  ҳәа иҳәеит Алиас Лабахәуа.

Аҳазылхратә Закәанеидакыла иалагалоуп 65 хқәеи  488 хәҭаҷи.


Read 256 times - Асабша, 10 Рашәара 2023 21:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.