Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ, «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» аиҿкаара анапхгаҩы Кьычба Гәули лира Амш лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Гульнара Мелитон-иԥҳа! Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа шәпатриотизми Шәыԥсадгьыли шәыуаажәлари рахь ишәымоу абзиабареи зеиӷьаҟам ала иарҵабыргуеит. Шәара шәыԥсҭазаара зегьы ишәызгәакьоу Аԥсны иадҳәалоуп. Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы иаҳасабала Шәара зажәеи зуси еимадоу, зыжәлар рыҩныҵҟа зыгәрагоу, еснагь ахаҵгылара иазхьоу, ззанааҭдырра ҳараку уаҩык иаҳасабала шәеицырдыруеит.
Шәара даара ихьанҭоу ацәыӡ ахгара шәылзыршаз ахачҳара, агәбылра, агәкамыжьреи аԥсҭазаара агәрагареи 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан егьырҭ шәҩыла ахәра хьанҭақәа зауз, хабарда ибжьаӡыз, иҭахаз аҵеицәа ранацәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалеит.
Шәара апатриотизмра иаша аарԥшуа ауаажәларра рыҩныҵҟа аилибакаареи агәреибагареи рырӷәӷәара иацхраауа аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аусура ду мҩаԥыжәгоит.
Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, еицакра змам агәамч, аԥхьаҟагьы Аԥсны ажәлар реизҳазыӷьара иазкны шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа!».