АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Апарламент аҿы адгьылхархәаратә ӡбамҭақәа быжьба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аԥшьаша, рашәарамза  8 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы амшхәаԥштә иалагалаз аадгьылхархәаратә зҵаарақәа быжьба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Еиуеиԥшым аплошьад змоу адгьылҵакырақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара, иара убас асасааирҭақәеи анхарҭаҩнқәеи рыргыларазы хәыда-ԥсада ахархәаразы, мамзаргьы қьырала адгьылқәа рзоужьра азҵаарақәа  иахәаԥшит.

Апарламент адепутатцәа  ирыхәаԥшит, иақәшаҳаҭхеит, иагьрыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Ақәҵарақәа: 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Дранда аҳаблаҟны 0,76 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиланхарҭатә дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы аҭара ақәиҭтәразы»;

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Гагра араион Маҳадыр ақыҭаҟны, Апартизанцәа рымҩаҿы 0.01 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ Урыстәылатәи Афедерациа Ашәараҭадаразы афедералтә маҵзура Аҳәаахьчаратә маҵзура аӡеизакырҭа аргыларазы аҭаразы»; 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҟны 2,50 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра иааиԥмырҟьаӡакәа ахархәаразы рыҭара ақәиҭтәразы»;   «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Дранда аҳаблаҟны 1,10 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиланхарҭатә дгьылқәа» ркатегориахь аиагара ақәиҭтәразы»;

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Пицунда ақ. аҟны 1,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиланхарҭатә дгьылқәа» ркатегориахь аиагара ақәиҭтәразы»;

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ХА Цквитишьвили Л. Р. Очамчыра ақ. Б. Шьынқәба имҩаҟны «амшынҿықәтәи адгьылқәа» ркатегориаҟнытә 1,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ 25 шықәса аҿҳәара аҭаны қьырала иҭаразы;

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара хаҭалатәи анаплакҩы Ажьиба А.Р. Очамчыра араион Елыр ақыҭаҟны 2,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ иааиԥмырҟьаӡакәа ахархәаразы иҭаразы».

 

 


Read 321 times - Асабша, 10 Рашәара 2023 21:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.