Арҭ амшқәа аныҳәатә иусуратәым мшқәаны иԥхьаӡоуп.
Иааизакны шьҭарнахыс Аԥсны иазгәарҭалоит 12 занааҭ ныҳәа.
Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аԥсны иҿыцу даҽа х-занааҭ ныҳәа ацлеит :
Лаҵарамза 17 – Аԥсны Адипломатиатә Маҵзура Амш;
Рашәарамза 10 – Аԥсны астатистика аусзуҩ Имш;
Ԥхынгәымза 4 – Аԥсны аԥсеиқәырхаҩ Имш.
Арҭ амшқәа аныҳәатә иусуратәым мшқәаны иԥхьаӡоуп.
Иааизакны шьҭарнахыс Аԥсны иазгәарҭалоит 12 занааҭ ныҳәа.