АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Кьычба Гәули Лира амш лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Кьычба Гәули Лира амш лыдиныҳәалеит. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Кьычба Гәули Лира амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Гульнара Мелитон-иԥҳа!

 

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы ишәызгәакьоу Аԥсны иадҳәалоуп. Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы иаҳасабала Шәара ишәымоу ахьӡ ҳреспубликаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы ахә ҳаракны иршьоит.

Зажәеи зуси еимадоу, зыжәлар рыҩныҵҟа зыгәрагоу, Аԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭакԥхықәра аныҟәгара зылшо ауаҩы – абарҭ аҟазшьақәа ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» анапхгараҿы шықәсарацәала имҩаԥыжәго аусура. Шәара иаашәырԥшуа ахачҳара, агәбылра, агәкамыжьреи аԥсҭазаара агәрагареи ихьанҭаз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ҳауаажәлар рзы аҵак ду аман. 

1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зҵеицәа зцәыӡыз анацәа еидкыланы, Шәара аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аусура ду мҩаԥыжәгоит, апатриотизмра иаша аарԥшуа, ҿыц игыло абиԥарақәа реиҵааӡара аус шәацхраауеит.

Шәыԥсҭазаара аиҳарак хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазышәкит, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп абри аганахьала имҩаԥыжәго аусуразы.

Сынтәа ҩынтәны напхгара зышәҭо, ианаԥҵоу инаркны зеилазаараҟны шәыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата, иактуалтәу ауаажәларратә ԥсҭазаареи аҳәынҭқарратә политикеи рызҵаарақәа рыӡбара алзыршо механизмны иҟоуп.

Шәара шәылшамҭақәа рзы ишәанашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра «Ахьӡ-Аԥша» аорденқәа II-и III-и аҩаӡарақәа, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Хатәгәаԥхаралатәи аԥсуа еибашьцәа реидгыла аҳамҭақәа.

Жәларбжьаратәи аиԥыларақәа раан ҳтәыла анҭыҵгьы Аԥсны жәлар ринтересқәа рыхьчарала Шәара шәлагаламҭа дууп ҳреспублика аҳаҭыр арӷәӷәараҟны.

Анреи ахәыҷреи рыхьчаразы, аԥҳәыс-ан лыстатуси лсоциалтә роли  рышьҭыхра иазку апрограммақәа рынагӡараҟны шәлагаламҭа ду азы Апланета анацәа жәларбжьаратәи рконгресс аҟны Шәара ишәанашьоуп амедаль «Ахьтәы гәы зызҭоу».

Ҳаҭыр зқәу Гульнара Мелитон-иԥҳа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, еицакра змам агәамч, аԥхьаҟагьы шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа!».

 


Read 272 times - Амҽыша, 11 Рашәара 2023 13:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.