АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Сынтәа Аҟәа ақалақь Амш азгәарҭоит ԥхынгәымза 8 азы.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Аҟәа ақалақь Амш азгәарҭоит ԥхынгәымза  8 азы.  Абри азы адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара.

Аҟәа ақалақь Амш,  Ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара  ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи ишахәҭоу азгәаҭаразы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ақалақь аҿы, ауааԥсыра зегьы реиҳа бзиа ирбо аԥшаҳәа аҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит. Араҟа аныҳәатә умҩаԥгатәқәа рӷьырак мҩаԥыслоит.

Аҟәа ақалақь еиҳа изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп – аколоннада, Аҟәа зегьы гәыблыла «Брехаловка» ҳәа изышьҭоу еицырдыруа акаҳуажәырҭа.

«Ақалақь Амш азгәҭара аламҭалазы зегьы бзиа еицаабо Брехаловка аҭеиҭыԥш арҽеира ҳахьӡар ҳҭахуп. Ари аусмҩаԥгатә иҳаҩсыз ашықәс азы иазԥхьагәаҭан. Ахыргьагьа арҽеира аҭахуп. Иазгәасҭарц сҭахуп, уи сынтәа 75 шықәса ахыҵуеит. Саԥыҩланы исҳәар сҭахӡам, аха ақалақь Амш азы ихадоу аусмҩаԥгатәқәа руак Брехаловка имҩаԥгахоит. Убри аҟнытә уи ԥшӡахарц азы арҽеира ҳгәы иҭоуп. Сгәы иаанагоит, ҳақалақь ауааԥсыреи уи иаҭаауа асасцәеи уи ргәаԥхап ҳәа», - иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.   

Акаҳуажәырҭа «Амра» инаркны амҳаџьыраа рбаҟа аҟынӡа абетон иалху афонартә шьаҟақәа рҿыцхоит, иҿыцу афымцамҩангага шьақәыргылахоит, аус зымуа афонарқәа ԥсаххоит. Абетонтә дақәқәеи абагьырқәеи ршәуеит.

«Аҳәынҭргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьазы аплафонқәа рыҵаҟа афымцамҩангага ҿыцқәа рышьҭаҵара хыркәшоуп, иҟам афонартә шьаҟақәа рҭыԥан аҿыц шьақәыргылахоит.

«Акаҳуажәырҭа «Амра» аҟынтәи акаҳуажәырҭа «Пингвин» аҟынӡа аԥшаҳәа ахәҭак еиҭашьақәыргылахеит. Сынтәа еиҭашьақәҳаргылоит акаҳуажәырҭа «Амра» аҟынтәи амҳаџьыраа рбаҟа аҟынӡа. Афымцамҩангагақәа рышьҭаҵара хыркәшоуп, афонартә шьаҟақәа еиҭашьақәыргылахоит. Абагьыргьы рҿыцхоит», ҳәа иҳәеит аҳҭнықаланқь ахада.

Беслан Ешба «Аҳәынҭргыларапроект» аусурақәа рымҩаԥгара арццакра азы еиҳа ауаа радыԥхьаларазы адҵа аиҭеит. Иара иажәақәа рыла, ақалақь Амш аҟынӡа аԥшаҳәа аҿы акаҳуажәырҭа «Амра» инаркны Аԥснытәи адраматә театр аҟынӡа игылоу афымцатә лашарбагақәа зегьы хымԥада аус руа иҟалароуп.

Асҭамыр Ԥлиа иара убас ааигәа иқәгаз Аҟәа хәыҷы аӡиас ихыз ацҳа мчыбжьык ала аҭыԥахь ишырхынҳәхо азы адырра ҟаиҵеит.

Уи аамышьҭахь иара убас амшын аԥшаҳәа аҿы Аҟәа хәыҷы аӡиас ихыу ацҳа ала еимаду аԥсшьаразы азонақәа рырҭбаареи рырманшәалареи азԥхьагәаҭоуп.

 

 


Read 268 times - Асабша, 10 Рашәара 2023 12:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.