АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Апрограмма «Анхарҭаҭыԥ 2023 – 2025 шш.» рыла 10-ҩык атәылауаа рзыҳәамҭақәа рынагӡара ақәыршаҳаҭра аиуит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭаҭыԥ 2023-2025 шш.» анагӡаразы Анапхгарабжьаратәи анагӡара-еиҿкааратә Комиссиа аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Акомиссиа анхарҭаҭыԥ аахәаразы афинанстә цхыраара аҭара азы Ареестр иалагалоу 10-ҩык атәылауаа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рынагӡара иақәшаҳаҭхеит.   Урҭ рахьынтә:

Аинвалид ма зхәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа – азыҳәамҭақәа 7;

Хәҩык ма инареиҳаны ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа – 1 азыҳәамҭа;

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз иҭаацәа – 1 азыҳәамҭа;

Зҭаацәа рҩыџьагь зцәыӡыз – 1азыҳәамҭа.

Ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рынагӡаразы ахарџьқәа рзеиԥш еицҵадыҵ 9 млн 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.   

Акомиссиа аӡбамҭа ала 15-ҩык азыҳәамҭа алазҵаз Апрограмма алахәхаразы ашәҟәҭагалараҿы мап рыцәкын.  

Анапхгарабжьаратәи анагӡара-еиҿкааратә Комиссиа аусура иацҵахоит.


Read 436 times - Асабша, 10 Рашәара 2023 12:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.