АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Шәачантәи Гаграҟа иааит раԥхьатәи апассаџьырцәа зҭаз афымцадәыӷба “Ласточка”.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023. Апсныпресс. Иахьа, рашәарамза 8 рзы, Шәачантәи Гаграҟа иааит раԥхьатәи апассаџьырцәа зҭаз иццакны ицо жәларбжьаратәи афымцадәыӷба «Ласточка».

Гагра авокзал хада аҿы адәыӷба аԥыларазы аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵан. Иааз апассаџьырцәа рзы кавказтәи акәашарақәа рынагӡарала аконцерт еиҿкаан.

Адәыӷба иаԥылеит аеконоика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиеи Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсны Аихмҩа» адиректор хада Октаи Хазириши.

Афымцадәыӷба есымша, абарҭ апунктқәа рҿы аамҭала аанкыларала ареисқәа нанагӡалоит: Мацеста, Хәасҭа, Адлер, Имеретиатәи Акурорт, аплатформа «Гагрыԥшь»,  аплатформа «Абааҭа».

Есыҽны апассаџьырцәа рыиагара иалагаанӡа аԥышәатә реисқәа мҩаԥган, аспециалистцәа разгәаҭарақәа зегьы ҳасаб рызун.

Афымцадәыӷба «Ласточка» Аԥсныҟа ареисқәа рынагӡара алыршахеит Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснытәи Аихамҩеи» Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара "Урыстәылатәи аихамҩақәеи» ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭрақәа ирыбзоураны.  

Аԥсны аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ  Ҭеимураз Микавабиа иазгәеиҭеит:

«Иахьа иҟалеит аҵак ду змоу ахҭыс – Гаграҟа иааит афымцадәыӷба «Ласточка». Уи алыршахарц азы Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснытәи Аихамҩеи» Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара "Урыстәылатәи аихамҩақәеи» шықәсык иалагӡаны аусеицура мҩаԥысуан. Ҳара уи аԥхьа аинфраструктура аҭагылазаашьа  агәаҭаразы апассаџьырцәа рыда имҩаԥаагахьан аԥышәатә реисқәа ҩба», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭеимураз Миквабиа.

Иахьа Гаграҟа иааит 60-ҩык апассаџьырцәа.

«Жәаҳәарада уи митәык ирацәаӡам, аха ҳара хара имгакәа ари адәыӷба иамоу апассаџьыртә ҭыԥқәа 80 - 90% рыла ишхарҭәаахо агәыӷра ҳамоуп. Иманшәаланы аныҟәара азы адәыӷба –  аҳауаҭышәныртәалара, уҳәа иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоуп. Уи аҳәаа шьапыла ахысра аасҭа акыр иманшәалахоит», - ҳәа иҳәеит иара.  

Ари афымцадәыӷба амаршрут ацҵара азы ажурналистцәа иҟарҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, атәыла аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ иҳәеит:   «Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи афымцадәыӷба амаршрут ацҵара азҵаара ҳалацәажәоит. Уажәазы атехникатә ҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәак мҩаԥаагараны ҳаҟоуп, урҭ рынагӡара шалыршахалак еиԥшҵәҟьа, ари азҵаара ҩаԥхьа урыстәылатәи аган аҿаԥхьа иқәҳаргылоит».  

Ҭеимураз Миквабиа агәра ганы дыҟоуп акыр узырааԥсо, узыргәамҵуа аҳәаа ахысра амыцхәрас иманшәаланы, рыԥсы шьаны афымцадәыӷбала Аԥсныҟа аара зҭаххо шырацәахо.  

Иццакны иныҟәо афымцадәыӷба «Ласточка» амаршрут Шәача – Гагра ала аныҟәара аихшанҵа:

Шәачантәи иандәықәло аамҭа – 11:54, Гаграҟа аара аамҭа – асааҭ 15:00 рзы;

Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи адәықәлара аамҭа – асааҭ 18:52,  Гаграҟа аара аамҭа – асааҭ 21:40.

Иццакны иныҟәо афымцадәыӷба «Ласточка» Гагра-Шәача аныҟәара аихшанҵа:

Гагрантәи шәачатәи аҳаирбаӷәаза ала адәықәлара аамҭа – асааҭ 07:30, Шәачаҟа анеира аамҭа  – аамҭа 11:34;

Гагрантәи адәықәлара аамҭа – асааҭ 15:15, Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ахь анеира аамҭа – асааҭ 18:09.

Афымцадәыӷба «Ласточка» амҩа иахьынӡақәу аамҭа — 3 сааҭ инарзынаԥшуеит. Аҳәаахьчаратә гәаҭара иццакны иныҟәо афымцадәыӷба «Ласточка» Шәача – Гагра апассаџьырцәа иахысуеит Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аихамҩатә станциа «Веселое» аҿы, Аԥсны иахьаҵанакуа  – аихамҩатә станциа Цандрыԥшь.  

Афымцадәыӷба «Ласточка» ахь абилетқәа раахәара ҟалоит хара ицо рзы аихамҩатә кассақәа рҿы, мамзаргьы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа» аофициалтә саит, мамзаргьы амобилтә цҵа аҿы.  

Шәачантәи Гаграҟа аара, мамзагьы Гагрантәи Шәачаҟа шьҭахьҟа аара абилеҭ ахәԥса — 755 мааҭ (аинвалидцәа рзы ихадоу), 855 мааҭ (аеконом), иара убас 1005 мааҭ (ихадоу). 

 

 


Read 401 times - Аԥшьаша, 08 Рашәара 2023 18:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.