АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аамҭала рынхара азы азин аршаҳаҭгақәа рыҭара атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса рҟынӡа имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра иалҵны ацареи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭалареи рзы» азакәани «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы рыҟазааразы азин шьаҭа азы» азакәани аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

 

Азакәан апроект атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа атерриториалтә усбарҭақәеи ацентралтә усбарҭақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ атәылауаҩшәҟәы иҭареи аҳәаанырцәтәи атәылауаа аамҭала рынхара азы азин аршаҳаҭгақәа рыҭареи рзы ирыдҵоу аԥхықәрақәа рыҽҳәара ԥхынҷкәынмза  31, 2023 шықәсанӡа иацнаҵоит.


Read 369 times - Аԥшьаша, 08 Рашәара 2023 17:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.