Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 9 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит ацәыргақәҵа «Узтәызтәуа атәыла».
«Ацәыргақәҵа акультуратә феномен – аурыс сахьаҭыхыҩцәа 20-тәи ашәышықәса актәии аҩбатәи азыбжазы Аԥсны иаԥырҵаз рырҿиамҭақәа атема аанартуеит. Ицәыргақәҵоу аҿыханҵеи аграфикеи рырҿиамҭақәа Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аизга аҟынтәи, иара убас ахатәы коллекциақәеи рҟынтәи иаагоуп», - ҳәа илҳәеит ари ацәыргақәҵа акураторс иҟоу, Аԥсны ацәыргақәҵатә Зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рзы Адепартамент, Москва ақалақь Аҳәынҭқарратә Автономтә Усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аидгьылуаа агуманитартә усеицуреи аусуратә еизыҟазаашьақәеи рыбжьаҵара азы Ацентр – Москватәи аидгьылҩы Иҩны, иара убас Аҟәа иҟоу уи аҿга - «Аҟәа иҟоу Москва Аҩны» иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рыла.
Ацәыргақәҵахь инагоу аусумҭақәа рбара алшоит рашәарамза 9 инаркны рашәарамза 18 аҟынӡа.