АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы «Астатистикатә усуразы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азҵаара иахәаԥшит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа  актәи аԥхьараҿы «Астатистикатә усуразы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азҵаара иахәаԥшит. 

Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа анаплакқәа, аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аусдкылаҩцәеи аҳасабеилыргаратәи (афинанстә) астатистикатәи ашәҟәҭагалара амҩаԥгареи егьырҭ аҳәынҭқарратә статистикатә рбагақәа ргәаҭареи рзы ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа ралкаареи иадҳәалахоит.  

Ахәҭаҷ 5 иалагалахо аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ахылаԥшратә статистикатә рбагақәа Аҳәынҭстандарт ахь анашьҭра зыхәҭоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рсиа Аԥсны Аҳәынҭстандарт адгаларала аминистрцәа Реилазаараҿы ишьақәырӷәӷәахоит.

Ас еиԥш иҟоу арбагақәа рышьақәыргылара инаркны 10 усуратә мшы ирхымгакәа Аҳәынҭстандарт ахь анашьҭра ахәҭоуп.


Read 364 times - Аԥшьаша, 08 Рашәара 2023 16:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.