АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2023

Бориси Алиаси Багаҭелиаа самбо азы Урыстәыла иачемпионхеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 27-28 рзы Ржев ақалақь аҿы имҩаԥысуан азҟазацәа рыбжьара самбо азы XXX Урыстәыла ачемпионат. Атурнир рхы аладырхәит  Урыстәыла 30 регион аҟынтәи 400-ҩык инареиҳаны асамбистцәа-азҟазацәа. Аицлабрақәа ирылахәын аԥснытәи аспортсменцәагьы, асамбистцәа Бориси Алиаси Багаҭелиа. Урҭ ари атурнир аҿы ахьтәы медалқәа роуит.

Борис Багаҭелиа акапантә категориа 97+ кь. (М7) иаҵанакуаз рыбжьара аиааира игеит, Алиас Багаҭелиа (М2) – акапантә категориа 98 кь. иаҵанакуа рыбжьара. Анаҩс, аԥснытәи аспортсменцәа ҳазҭоу ашықәс, жьҭаарамзазы Ҟазахсҭан имҩаԥысраны иҟоу адунеи ачемпионат рҽазыҟарҵалоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Борис Багаҭелиа – адунеи ҩынттәи ачемпион, адунеи ачемпионатқәа араӡнытәии ҩынтә аџьазтәи аԥхьахәқәа згахьоу, азҟазацәа рыбжьара Урыстәыла ԥшьынттәи ачемпион, Урыстәыла Ахраҿа згахьоу, Москва Ахраҿа згахьоу, самбо азы жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден акавалер.  

Алиас Багаҭелиа – зхы иақәиҭу аиқәԥареи асамбои рзы аспорт азҟаза.


Read 354 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.