Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ихымԥадатәиу амедицинатә Бгаԥса азы аполис ала амедицинатә цхыраара апрактика активла ахархәара аиуит. 2023 шықәса алагамҭа инаркны, Ихымԥадатәиу амедицинатә Бгаԥса азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәышәтәрахьы идәықәҵахеит 140-ҩык инареиҳаны атәылауаа.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарала 513-ҩык урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса инаркны агәабзиарахьчара Аминистрра атәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра иақәхарџьит 41 млн. мааҭ, 513-ҩык урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит.
Атәылауаа Аминистрра ахь изыдҵаало азҵаарақәа рӷьырак акардиологиа, анеирохирургиа, офтальмологиа, ашьа-датә хирургиеи атравматологиеи ирыдҳәалоуп.
«Ҳара есышықәса ҳреспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра ҳаҿуп. Аха убри аан уеизгьы ҳтәылауаа аҳәаанырцә иандәықәаҳҵогьы ыҟоуп. Агәабзиарахьчара – ҳҳәынҭқарра анапхгара азы хадара злоу усхкны иҟоуп. Ус еиԥш ахыдҵа ҳҿаԥхьа иқәыргылоуп, ҳаргьы уи иҳалшо ала анагӡара ҳҽазаҳшәалоит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.