АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 27 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 27 рзы Москва ақалақь, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Аконцертә зал аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт.    Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсни Ҟарачы-Черкесиаеи жәлар рартист Валери Ҭаниа.

«Урыстәыла аҳҭнықалақь, адунеи аҿы еицырдыруа азалқәа руак аҿы ақәгылара – ари даара гәырӷьара дууп, акыр аҭакԥхықәрагьы ацуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аԥсуа кәашарақәеи ашәаҳәарақәеи ирыҵоу иҷыдоу акалорит аарԥшра шҳалшо.  Ас еиԥш иҟоу акультуратә проектқәа даара акыр аҵанакуеит. Урҭ ҳтәылақәа рыбжьара егьырҭ аусхкқәагьы рҿы аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы ашьаҭа ӷәӷәа аԥырҵоит», - ҳәа Феисбук аҿы идаҟьа аҿы ианиҵеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Урыстәыла Аԥсны акультура Амшқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аиҿкааҩцәа: Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи Аԥсны акультура Аминистрреи.


Read 352 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.