АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Лаҵара.2023

Аҧсны еиҿкаауп аинтеллигенциа рхеидкыла «Аламыс»

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит аинтеллигенциа рхеидкыла «Аламыс» аиҿкаара иазкыз аизара ду.

Уи иалахәын Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Владимир Делба, Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, ауаажәларра, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аинформациатә маҵзура "Аԥсадгьыл-инфо".

Ажәахәқәа рыла аизараҿы иқәгылеит ахеидкыла аиҿкааҩцәа ируаӡәку Нодар Ҷанба, Нугзар Логәуа, иара убас Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба.

Аҧсны аинтеллигенциа рхеидкыла аиҿкааратә еилатәара иаднакылеит ақәҵара.

Аизара ду ирыланаҳәоит Аҧсны аҩныҵҟатәи адәахьтәи, аекономикатә, асоциалтә, агәабзиарахьчаратә, абзазаратә, аҵарадырратә, акультуратә, абызшәатә, адемографиатә, арепатриациатә зҵаарақәа рыла аҳәынҭқарраҿ имҩаҧысуа аполитикатә знеишьақәа гәцаракрыла аҽрылахәра ишазхиоу.

Аидгыла аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ируакуп:

Аҳәынҭқарра адәахьтәии аҩныҵҟатәии аполитикатә шьақәгылараҿы ацхыраара аҟаҵара;

  • Аидгылара иара убас гәцаракра азнауеит аҵарадырра асистема ареформақәа ралагалара;
  • Зҿлымҳара азнауеит аҵарадырра азакәан аус адулара. Иацхраауеит ахатәы бызшәа арҿиара апроцесс;
  • Аидгыла азықәҧалоит аҧсуа жәлар ртрадициақәа, рҵас, рқьабз реиқәырхара, акультуратә хәышҭаарақәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра, рыцхраара;
  • Араион ақыҭатә школқәа акультуратә ҩнқәа аклубқәа рыгәцаракра, иацхраауеит ашкол арҵаҩы истатус ашьҭыхра, иааидкыланы арҵаҩы-ааӡаҩ иаҳаҭыр ашьҭыхра;
  • Аинформациатә-массатә хархәагақәа ахылаҧшра рыҭара, рыцхраара;
  • Абжьаратә, еиҳау аҵараиурҭақәа рхылаҧшра, рывагылара. Ажәлар ргәабзиара аҭагылазаашьа азҿлымҳара;
  • Акадртә заанаҭ азыҟаҵарақәа рполитика ахылаҧшра, адемографиа;
  • Арепатриациатә политика азҿлымҳара, аспорт ахырхарҭа ала аҿар рааӡара, аҿар рполитика ахылаҧшра амҩаҧгара;
  • Абыргцәа рсовет ауаажәларраҿы астатус ашьҭыхра;
  • Ахырхарҭақәеи азаанаҭқәеи рыла ауаажәларратә-експерттә комиссиақәа раҧҵара;
  • Аҭҵаарадырра хәышҭаарақәа, аинститутқәа русеицура акоординациа аҟаҵара, ацхыраара;
  • Адәныҟатәи аҩныҵҟатәи ахырхаҭра ала аусураҿы аҧсуа жәлар ргәаанагара ашьақыргылара ацхыраара аҭара;
  • Ҳажәлар, неилых ҟамҵакәа, рполитикатә гәаанагарақәа еиқәшәо аҟаҵара аус адулара, ажәлар реидкылара;

Абарҭ азҵаара хадақәа рыӡбараз аинтеллигенциа реидгыла алаҳәара ҟанаҵоит аусура ишазхиоу ала, ааҧхьара ҟанаҵоит абри аҩыза аусура иазхиоу зегьы рахь рхы аладырхәырц.


Read 315 times - Ахәаша, 19 Лаҵара 2023 17:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.