АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Лаҵара.2023

Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент жәларбжьаратәи аекономикатә Фороум лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент Тамила Мерцхәлаа Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада  Рустам Минниханов иааԥхьарала XIV жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» лхы алалырхәуеит.

Лаҵарамза 17 рзы Афорум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата  аконгресс-зал аҿы Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Сергеи Катырин ихантәаҩрала ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа жәларбжьаратәи афорум аартра мҩаԥысит. Сынтәа Афорум еизнагеит Урыстәыла арегионқәеи исламтәи аусеицура Аиҿкаара иалаху атәылақәа рҟынтәи 250 инареиҳаны алахәылацәа.

Иара убри аҽныҵәҟьа, лаҵарамза 17 азы, Анапхгара Аҩны аҿы Рустам Минниханови аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахада Тамила Мерцхәлаа.  

Аҳәаанырцәтәи ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рнапхгаҩцәа дрыҿцәажәо, Рустам Минниханов иазгәеиҭеит: «KazanForum» аинвестициатә лшарақәа рӡыргареи рыдгалареи, аҳәаанырцәтәи апартнирцәа рԥышәеимдара, аекономикатә еимадарақәа рыбжьаҵара рзы аеффективра злоу плошьадканы иҟоуп. Афорум абизнес-еилазаарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара иҿыцу аимадарақәа рышьақәыргылара  азы алшара бзиақәа аԥнаҵоит».

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Жәларбжьаратәи афорум абар хышықәса инеиԥынкыланы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аԥснытәи аделегациа ари Афорум ҩынтәны ахы аланархәуеит.


Read 210 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.