Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аиааира агара Амшныҳәеи 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшаз, мамзаргьы иахьымҩаԥысуа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
«Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ақалақьуааи асасцәеи ишахәҭоу ала ахаҿра ԥшӡаны ирԥылароуп. Ареспублика аҿы аӡынтәи аамҭахәҭазы акаҭран ҭзыжьуа азауадқәа рҟынтәи акгьы аус ахьамуаз инамаданы, уажәраанӡа акаҭран ашьҭаҵаразы алшара ыҟамызт. Уажәы Аҳабла Ҿыц, Кьараз имҩаҿы аусурақәа ирылагеит", - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ақалақь ахада иажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи азауад аусура иахьалагаз иабзоураны, иааиуа амчыбжь инаркны ақалақь агәы иалсны ицо амҩадуқәа рҿы ажрақәа рҭырҭәаара иалагоит. Убри аан иара «Аԥсныавтоамҩа» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ареспубликатә ҵакы змоу амҩадуқәа Аҟәа иалсны ицоит, аха ақалақь ауааԥсыра урҭ зегьы еидкыланы иҟоу апроблемақәа зегьы рыла агәынамӡарақәа ақалақьтә напхгара ахь ирҳәоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшоу аобиектқәа, макьаназы аусурақәа ахьымҩаԥысуа аобиеатқәа, иарбан уадаҩрақәас иҟоу, анардкыларатә еиҿкаарақәа рнапынҵақәа рынагӡара ахьынӡаалыршоу, уҳәа азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуеит.