АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Лаҵара.2023

Ансамбль «Ерцахә» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит Очамчыра ақыалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцахә» аҳасабырбатә концерт.   Еицырдыруа ансамбль абзиабаҩцәа рнаҩс Аԥсны иаҭааз асасцәеи злаз ахәаԥшцәа идырбан иԥшӡоу, акыр аемоциа зныԥшуа амузыкатә номерқәа.  

 Акәашарақәа –  аԥсуа, ауаԥс, «Нарҭаа рыкәашара», «Ашарккара», уҳәа егьырҭ – рыбжьара адирижиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нодар Кәарҷиа инапхгарала инагӡаз ахор ашәаҳәарақәа дырбан. Иара убас, жәаҳәарада, зегьы хызхыз аиқәҿыҭра ацны инагӡаз адаулқәа рыла аномер ԥшӡа.

Сынтәа аколлектив иахыҵит 49 шықәса. 1974 шықәсазы акомпозитор Константин Ченгелиа ила иаԥҵаз ансамбль «Ерцахә» «Ахьӡ-ԥша» аорден  III аҩаӡара анашьоуп, ибеиоу абиографиа амоуп. Уи аҟыбаҩ злоу анагӡаҩцәеи Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа, Урыстәыла, уҳәа атәылақәа рҿы қәҿиара дула рықәгыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи аинтерес зҵоу ақәыргыламҭақәеи иаалукаша автортә костиумқәеи роуп.

Иахьа ансамбль «Ерцахә» аилазаараҿы иҟоуп  50-ҩык артистцәа. Ансамбль дахагылоуп асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист, «Ахьӡ–Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер Вианор Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа.

Ари амш аҽны В.Ҷ.Логәуа ҩынтәны адныҳәаларақәа идикылон. Избан акәзар аконцерт амҩаԥгара арыцхәи иара иира Амши еиқәшәеит. Ансамбль «Ерцахә» ашҟа артист ааԥхьара иоуит 2008 шықәсазы. Убри инаркны Вианор Ҷыҷыкәа-иԥа акәашарақәа рықәыргылареи акостиумқәа рдизаин аиқәыршәареи инапы алакуп.    

«Ансамбль «Шьараҭын» аҿы санықәгылоз аамҭазы сара Европа атәылақәа жәпакы рҭааразы алшара соуит. Убри аҟнытә изҿурԥшыша ыҟан. Исгәаԥхоит испаниатәи, италиатәи акәшаарақәа, аха кавказтәи акәашара сара зегьы раасҭа исзааигәоуп. Кавказ –аԥшӡареи аҳаҭырқәҵареи асимволра ауеит. Саргьы сгәаанагарала, ҳаамҭазы асценаҿы жәлар рыкәашара анагӡара – ари ҳажәларқәа ашәышықәсақәа рыла еизыргоз, еиҷаҳаны еиқәырханы ҳара ҳҟанӡа иааргаз иреиӷьу  жәлар рытрадициақәа, рфольклор шеиқәырхахо ауп иаанаго», –  ҳәа иҳәеит Вианор Логәуа. сказал Винаор Логуа.   

 

 


Read 184 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.