АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫҞА ИААИТ РАԤХЬАТӘИ АКОНТЕИНЕРТӘ ДӘЫӶБА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи аконтеинертә дәыӷба. Авагонеиԥшьыра рыдыркылеит аихамҩатә станциа «Аҟәа» аҿы.   

Ари аҩыза ахҭыс Аԥсны аихамҩа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны иҟалеит.

Аԥсны Аихамҩа анапхгараҭара ас еиԥш апроект ахацыркра азы аӡбамҭа аднакылеит аидарамҩангарақәа реизырҳара хықәкыс иҟаҵаны.

Иааз авагонеиԥшьыра аҿы иҟоуп 62 контеинер, урҭ ирҭоу аидара акапан 2700 тонн рҟынӡа инаӡоит.  

Аконтеинертә дәыӷба  – ари алогисттә сервис ауп, даҽакала иуҳәозар,  аграфик инақәыршәаны иахьдәықәло астанциа аҟынтәи амҩа ахьхоу астанциа аҟынӡа иныҟәо аидарамҩангагатә дәыӷба ауп.  Уахыки ҽнаки рыла иарбоу адәыӷба аццакра 800 - 1000 километр рҟынӡа инаӡоит. Иаагозар, аидарамҩангагатә дәыӷба 10 -14 мшы рыла иаауазар, аконтеинертә дәыӷба ҩынтә рҟынӡа ирласны инаӡоит.

Иара убас иазгәаҭатәуп, аконтеинерқәа рыла ииагахоит хкы рацәала аидарақәа. 

 

 


Read 232 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.