АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2023

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕҬ АНАГӠАРА АЗЫ АҲАСАБЫРБА ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа 13 736 931,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инагӡахеит, аныхтә хәҭа 13 338 398,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инагӡоуп. Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ анагӡара иалҵшәаны иҟалаз апрофицит  398 532,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  

2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара ахашәалахәытә хәҭа 10 654 101,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа ала - 10 438 198,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, апрофицит   -  215 903,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, абар шьҭа ҩы-шықәса инеиԥынкылны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ апрофицит ацны инагӡахоит. «2022 шықәсазы ишьақәгылаз апрофицит 398,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Акыр шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны  2022 шықәсазы ҳара абиуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа  анагӡара аҩаӡара 110% рҟынӡа инаӡартә еиԥш аҟаҵара ҳалшеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.  

Ахатәы лагалақәа рҟынтәи ишьақәгыло ахашәалахәқәа, 2022 шықәсазы 4 947 882,6 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар,  122,0 % рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазы ахатәы хашәалахәқәа 2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,   878 987,3 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.  

«Уаанӡа еиԥш уажәгьы, абиуџьеҭ алагалақәа аиҳара алазгало хылаԥшырҭаны иҟоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра. Уи алагала ашәагаа азеиԥш хатәы хашәалахәқәа рҟынтәи 53,4% рҟынӡа инаӡоит.  Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы - 37,7%, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра –  1,7%. Аҳасабырба алацәажәараан арҭ Ахылаԥшырҭақәа хԥа 93% рҟынӡа ареспублика ахатәы хашәалахәқәа шьақәдыргылоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.

2022 шықәсазы азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбаразы ахарџь  1 883 016,1  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (97,1 %). Урҭ рахьынтә:

– азакәанԥҵаратә мчра  аусбарҭақәа русура азы – 62 099,6 нызықь мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, 100,0 %;

– анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура азы – 178 793,3 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар 97,3 %;

 – аӡбаратә система аусура азы – 200 643,6 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар 93,1 %;

– афинанстә, ашәахтә, аҳазылхратә усбарҭақәа русура азы - 392 947,9 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар  99,4 %;

– жәларбжьаратәи аусура азы – 99 167,3 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар 98,0 %;

– аҳәынҭқарратә уал ашәара азы – 31 827,8 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар т 96,2 %., 

 - арезервтә фондқәа рзы – 608 811,4 нызықь мааҭ, даҽакала иуҳәозар 100,0 %, Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фондгьы уахь иналаҵаны – 508 898,6 нызықь мааҭ;

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд – 99 912,8 нызықь мааҭ.

Аҳәынҭқарра Ахада ирезертә фонд ахарџь ала  2022-тәи ашықәс азы аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа рыԥхьырҟәҟәаареи ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи рзы иныхын 295 195,5 нызықь мааҭ, урҭ рахьынтә ауадаҩра иақәшәаз атәылауаа (1243 ҩык) аматериалтә цхыраара рыҭара азы 166 531,4 нызықь мааҭ, аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы 128 664,1 нызықь мааҭ.

2022 шықәазы хықәкылатәи аматериалтә цхыраара рыҭан  1924 – ҩык атәылауаа. Уи азеиԥш еицҵалыҵ 223 642,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 67 119,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  34 инарзынаԥшуа аобиектқәа рреконструкциеи реиҭашьақәыргылареи рфинанстәра мҩаԥган.

Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усура аиҿкаареи рзы ахарџьқәа 1 786 721,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  (93,3 %). 

Амилаҭтә економика азы иазоужьуп 2 382 383,9 нызықь мааҭ. (88,6 %).

Аҵарадырра азы ахарџь 488 482,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит  (94,1 %), агәабзиарахьчара азы -  1 045 219,3 нызықь мааҭ (99,4 %), акультуре аҟазреи амасатә информациа ахархәагақәеи  рзы - 318 538,1 нызықь мааҭ (98,4 %), абҩарҵәыра, аспорт, аҿартә политика азы - 70 822,3 нызықь мааҭ (95,1 %),  асоциалтә политика азы – 287 786,0 нызықь мааҭ (94,8 %).

Атәыла абиуџьеҭ анагӡара азы аҳасабырба алацәажәараан аԥыза-министр иәаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, 2022  шықәсазы абиуџьеҭ арбагақәа еиҳа идуны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Агәра ганы сыҟоуп 2023 шықәсазы ас еиԥш атемпи адинамикеи ишацҵахо», –  ҳәа илҳәеит лара.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб абылрақәеи аԥсабаратә цәырҵра  бааԥсқәеи ирыхҟьаны иҟаз ахарџьқәа дырзааҭгылеит.

«Аҵыхәтәантәи хы-шықәса рыла 150 ҩны рҟынӡа иблит. Арҭ анхарҭақәа реиҭашьақәыргылара зламҩаԥысуа аԥаратә хархәагақәа абантәиаауеит? Ауаа рыҩны блит, уи иалаблит ирымаз-ирыхӡыз зегьы, иҟарҵари урҭ?  … Есыҽны иҳадҵаалоит абылрақәа, аӡхыҵрақәа, егьырҭ аԥсабаратә рыцҳарақәа рҟынтәи ааха зауз ауаа. Хы-шықәса рыла 70 рҟынӡа аобиектқәа адгьылҳәазара иахҟьаны ааха роуит. Атәылауаа ацхыраара иаҳәоит. Афинансқәа Рминистрра ас еиԥш иахьа алшара амоума?» –  ҳәа дҵааит Алеқсандр Анқәаб.

Уи излауа ала ауаа ацхыраара рыҭара азы Аҳәынҭқарра Ахадеи аминистрцәа Реилазаареи арезервтә фондқәа реизырҳара азы ажәалагалақәа ҟаҵеит.

«Ауаа ҳадҵаалоит ахыбра аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭарц азы. Ақыҭақәа шәнарылсны игәашәҭар ижәымбар залшом ҳтәылауаа рыҩнқәеи рхыбрақәеи рҭагылазаашьа зеиԥшлроуп. Уи атәыла анапхгара аус алоума, мамзаргьы иаламу? Жәаҳәарада иалоуп. Аинвалид, мамзаргьы  10 – ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа змоу аҭаацәа дуқәа ацхыраара ианаҳәо, мап рыцәкышьас иамоузеи? … Абиуџьеҭ ашьақәыргылараан иҿыцу ахықәкытә программақәа ралагалара иазхәыцтәуп. Адгьылҳәазарақәа, абылрақәа, уҳәа арыцҳарақәа раанкылара алымшозар, усҟан ацхыраара аҭара азы апрограмма ҿыцқәа хәыцтәуп», –  ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ахашәалахәы азы ашәахтә ахадара ахура шхымԥадатәиу азгәалҭеит.

«Шәааи имариоу, аха убри аан акырӡа зҵазкәа аусқәа ҳрылацәажәап. Ишԥарызныҟәатәу ашәахтәқәа зымшәо ахаҿқәа? Убри аан иазгәаҭатәуп ус зхы мҩаԥызго аиҳарак еицырдыруа, инагоу анаплакқәа шраку.Уи ҳамбошәа иҟаҳҵаруыма? Ареспубликатә унитартә Наплакқәа рсиа рҿыцтәуп, апрокуратура Хада иарбоу ахырхрҭала аусуразы ааԥхьарагьы аҭатәуп. Ахашәахәытә шәахтә амшәара иашьцылахьоу атәанчахәытә фонд,аинвалидцәа рфонд, уҳәа егьырҭ афондқәа рахь ашәатәқәагьы рыҟаҵара даҟәыҵуеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа арҽеира хымԥадатәиуп», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб. 

 

 


Read 212 times - Аԥшьаша, 30 Хәажәкыр 2023 16:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.