АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2023

БЕСЛАН ҶКАДУА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АҚАЛАҚЬҚӘЕИ АРАИОНҚӘЕИ РЫҞӘШЕИҴАҚӘА АДҴАҚӘА РИҬЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ашьақәыргылара, аиҳарак аԥстәбарақәеи ааха ӷәӷәақәа раиуреи зцу амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара армаҷра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп, убри аҟнытә уи Ахылаԥшырҭа анапхгараҭара ҷыдала ахылаԥшра анаҭоит, ҳәа аҩаша, хәажәкырамза 28 рзы Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ақалақьтәии араионтәии аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи аинспекторцәеи алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы иазгәеиҭеит    аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.  

Арбагақәа реиӷьтәра шыҟоугьы, Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, «иҟоу аҭагылазаашьа уаанӡа еиԥш уажәгьы имариам, иарбоу ахырхарҭала анаҩсгьы аусура аҭахуп».

Аинспекторцәа рҿаԥхьа  автомашьына арныҟәцара азы азин аршаҳаҭга амхрагьы уахь иналаҵаны, азинеилагаҩцәа рганахьала, азакәанԥҵара инақәыршәаны ахьырхәратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, раԥхьатәи аилагарақәеи анаҩстәи аилагарақәеи релектронтә реестр излауа ала ахархәара азы адҵа ықәыргылан.

Аилатәара аҿы иара убас лассы-лассы амҩатә ԥҟарақәа еилазго амашьынарныҟәцаҩцәа рганахьала ахьырхәра хырԥашьа амамзаара апринцип ахархәара, акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы апассаџьыртә мҩангара аиҿкаара, ареспубликатә трасса иахьаҵанакуа Амҩатә Ԥыԥшырҭатә Маҵзура астационартә ԥыԥшырҭақәа русура арӷәӷәара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы    ирылацәажәеит.


Read 213 times - Аԥшьаша, 30 Хәажәкыр 2023 09:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.