АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2023

АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ԤСОУ» АҞНЫ АРҨЫШЬЫГАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫИАГАРА ԤХЬЫРҞӘҞӘААХЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 27 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рзы аҟәша аусзуҩцәеи аҩныҵҟтәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылара аҟәша аусзуҩцәеи Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу», «Импорт» ахырхарҭа ала аҳазылхратә гәаҭареи амашьына лассқәа ррежими рзона иахьаҵанакуа автомашьына ааныркылеит. Амашьына агәаҭараан ирыԥшааит иагьрымырхит аполиетилентә еилаҳәараки 1000 мааҭ ицо акупиура ала аилаҳәараки. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан аххыраԥшра змоу амаҭәашьар. Иара убас ирыԥшааит  4 ҭрак ирҭаз (40 таблетка) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу ахәшә.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалтә центр адырранҵа ала, ирымхыз, зыкапан – 0,617 гр. рҟынӡа инаӡо амаҭәашьар «героин» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә хархәагоуп. 4 ҭрак ирҭаз (40 таблетка) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу, зеилазаара аҿы аиҳарак «габапентин» ала ишьақәгылоу ахәшә ауп.  

Иарбоу афакт ала ашьаустә еилыргара хацыркхоит, уи амҩаԥгараан инацҵаны аинформациа ҟаҵахоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.  

 

 


Read 299 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.