АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2023

ИААИԤМЫРҞЬАӠАКӘА АԤСНЫ ИНХО УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АТӘЫЛАУАА РТӘАНЧАҨРАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атәанчаҩратә еиқәыршәареи асоциалтә бгаԥсеи Рфонд ала инамыцхәны аԥснытәи аган иазшәаз атәанчахәқәеи ацҵақәеи рхарҭәаара азы аԥҟара шьақәырӷәӷәоуп, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа  Афедерациа Ахеилак аофициалтә саит.

У.А. Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҿы «мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы иҭыжьыз «Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа атәанчахәы ала реиқәыршәара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азура азы» афедералтә закәан иақәшаҳаҭхеит.

Азҵаара ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа Ахеилак Акомитет алахәыла Сергеи Цеков.

Уи иажәақәа рыла, Аиқәшаҳаҭра иалагалахо аиҭакрақәа инарықәыршәаны, иааиԥмыркьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа урыстәылатәи азакәанԥҵара ала атәанчахәыла реиқәыршәара  мҩаԥыслоит.

«Урыстәылатәи Афедерациа аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахыдҵақәа зегьы нанагӡоит. Ахәҭакахьала, Аԥсны урыстәылатәи атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара азы адыррақәа рыҭара аганахьала аиҵахара аанарԥшуеит», — ҳәа иҳәеит асенатор.  

Сергеи Цеков ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны ала атәанчахәы зауа атәылауаҩ иԥсҭазаара алҵра, мамзаргьы Аԥсны анҭыҵ иалҵны ицара, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ицәыӡра, уҳәа иахҟьаны атәанчаҩратә шәатәқәа раанкылара азԥхьагәазҭо аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара азы адыррақәа ианаамҭоу анашьҭра алмыршара иахҟьаны инамыцхәны аԥснытәи аган иазшәаз атәанчахәқәеи ацҵақәеи рхарҭәаара азы аԥҟара шьақәырӷәӷәахоит. 

 


Read 293 times - Аԥшьаша, 30 Хәажәкыр 2023 00:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.