АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АОППОЗИЦИАТӘ ПАРТИА АЖӘЛАР РАКЗААРА АФОРУМ АИЗАРА ДУ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» Аизара Ду мҩаԥысит ахаша, хәажәкырамза 29 рзы, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҿы. Апартиа анапхгаҩцәа асоциал-економикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәеи аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәеи рзы ргәаанагарақәа рҳәеит.

Апартиа ахантәаҩы Аслан Барцыц, Аԥсны жәлар цәалашәараны ирныруеит ашәарҭара ишҭагылоу. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа атәыла иахагылоу анапхгара агәҭынчымра узцәырызгашьа ахымҩаԥгашьа рымоуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Абар шьҭа ԥшьы-шықәса ирылагӡаны ҳара атәыла анапхгара ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дзыдгылоз, аконституциатә шьаҭа аилымшәареи ахьыԥшымреи иазырхоу амилаҭ-хақәиҭратә курс амҩаԥгара иадҳәалоу аидеиа хада ацәхьаҵра ишаҿу аабоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аслан Барцыц агәра ганы дыҟоуп ахьыԥшымра иазырхоу акурс ауп Аԥсны 1993 шықәсазы аиааира агарареи 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи рахь иназгаз. Аха ҳазҭагылоу аамҭазы атәыла ауааԥсыра реихьӡарақәа зегьы «планла ахә армариара» мҩаԥысуеит.   

Уи иажәақәа рыла атәыла аҿы амилаҭтә амшхәаԥштә шыҟам умбар залшаӡом. Аслан Барцыц ишазгәеиҭаз ала, аӡәгьы ишахәҭоу ала, ҭакԥхықәрала дазнеиӡом адемографиа, арепатриациа, аекономика арӷәӷәара, атәылахьчара, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, Нхыҵ Кавкуаз ҳаиашьаратә жәларқәеи аԥсуа жәлари реизыҟазаашьақәа, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа рыӡбара.

«Зегьы ахаламҩаԥысрала ицоит. Иахьа атәыла иахагылоу рзы хадара злоу усны иҟалеит аиҳарак амшын аҿықәан иҟоу иреиӷьу адгьылқәа рыҭирала  алигархцәеи аҳәаанырцәтәи амалуааи ринтересқәа алоббизм аҟаҵара», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Барцыц.

Ҷыдала иақәыӡбан Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аҭара азы аиқәшаҳаҭра.  Ажәахәҟаҵаҩы игәаанагарала, уи анапаҵыҩра «ажәлар ирыцәӡаны, маӡала, азакәанԥҵара ӷәӷәала аилагарала» имҩаԥысит. 

«Ари аусшәҟәы иаҵоу аниуансқәа зегьы ишахәҭоу ала аус адызулараны иҟаз аусбарҭақәа акоординатқәа ралкаара аганахьала агха дуқәа ҟарҵеит. Ари афакт апрокуратура Хада ала  ишьақәыргылахеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Барцыц.

Уи игәаанагарала, ас еиԥш агхақәа ҟазҵаз зегьы иахәҭоу аҭакԥхықәра иақәыршәазароуп. Аха, изеиԥшразаалак акадртә ӡбамҭақәеи алкаақәеи ҟаҵамызт.

Академик Владимир Занҭария агәра ганы дыҟоуп, аԥсуа бызшәа аиқәырхараеи аҿиареи уи аҳәынҭқарратә статутс арӷәӷәареи аидеологиатә хәыдуқәа рышьақәырӷәӷәареи рзы шьаҭанкыла ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара шаҭаху. Ирылацәажәеит иара убас егьырҭ, актуалра злоу азҵаарақәагьы. Иаагозар, амаининг аҿагылара, афымцамч ахәԥса ӷәӷәала ашьҭыхра, миллиардки бжаки рҟынӡа инаӡо урыстәылатәи акредит агара азы иҟоу аҽазышәарақәа, апарт-отельқәа рыстатус азинтә шьақәырӷәӷәара азы азакәан адкылара, уҳәа.

Апартиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» Аизара Ду ахыркәшамҭаз абри аҵакы змоу арезолуциа рыдыркылеит:

«Атәыла анапхгара иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиҭакреи иамоу агхақәа рырҽеиреи адгьылқәа рыҭира аанкылареи, иара убас ауаажәларра рмазарабзанхара ашьақәҟьара зыхҟьаз ахаҿқәа рхьырхәра, уҳәа ахьалымшо инамаданы, Аизара Ду Аҳәынҭқарра Ахада аԥхьа днаргыланы,  анагӡаратә мчра аринахысгьы  атәыла аанапхгара аҭара алшаӡом ҳәа иаԥхьаӡоит, убри инамаданы рхала рҭагылазаашьа еилкааны хатәгәаԥхарала ԥхьатәара ицарц рабжьаргоит».


Read 318 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.