АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АСЕРИА “АԤСНЫ АПОЛИИКАТӘ РЕПРЕССИАҚӘА ИРЫЛАӠЫЗ” АҞЫНТӘИ ЕКАТЕРИНА БЕБИА ЛЫШӘҞӘҚӘА ҨБА РӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ажурналист, афилологиатә наукақәа ркандидат Екатерины Бебиа лышәҟәқәа ҩба – «Харада ахара зыдҵаз»,  «Ахашҭра аҟынтәи – ахьыӡ камшәара аҟынӡа» рӡыргара мҩаԥысит.

Аӡыргара еиҿнакааит атәыла акультура Аминистрра. Уи амҩаԥгара аҭыԥ алхрагьы машәыршақә иҟамлаӡеит. 1937 шықәсазы атеатр азал аҟны имҩаԥган 13-ҩык аԥсуа интеллигенциеи аполитикатә елитеи рхаҭарнакцәа рус аӡбара.   

Екатерина Бебиа лышәҟәқәа рҿы 300-ҩык инарзынаԥшуа ауаа рлахьынҵа атәы еиҭалҳәоит.  Арҭ ашәҟәқәа рҭыжьразы ажурналист аинформациа аизгара даҿын 40-шықәса инареиҳаны.

Актәи ашәҟәы «Харада ахара зыдҵаз» ақыҭа «Лыхны» иалҵыз, арепрессиа иақәыршәаз ирызкызҭгьы, аҩбатәи ашәҟәы «Ахашҭра аҟынтәи – ахьыӡ камшәара аҟынӡа» аҿы быжь қыҭак – Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Тамшь, Кәтол, Џьгьиарда, Ӷәада рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәаз ирызку аматериалқәа арбоуп.

Ашәҟәқәа рӡыргара рхы аладырхәит аполитикцәа, аҵарауаа, ақыҭақәа Дәрыԥшь, Лыхны, Ҟәланырхәа, Ӷәада, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда ахаҭарнакцәа, иара убас арепрессиақәа раан иҭархаз рҭынхацәа. ***.

 

 


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.