АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2023

АЖУРНАЛ «ЛИТЕРАТУРНАЯ КАБАРДИНО-БАЛКАРИЯ» АҾЫ АНАТОЛИ ЛАГУЛАА ИАЖӘАБЖЬҚӘА ҨБА КЬЫԤХЬХЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатә журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирнылеит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра атема  иазкуп.  

Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.

Анатоли Лагәлаа  – апоет, апрозаик, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Асовет Еидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху апремиақәа рлауреат, акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи ажурнал «Алашара» аредактор хада.

Антоли Лагәлаа – ҩажәа инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа реизгақәа дравторуп. Аԥсышәала дыҩуеит.


Read 261 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.