АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АХАДА, АРБЏЬАР МЧҚӘА РЫДҴАҞАҴАҨ ХАДА АСЛАН БЖЬАНИА МРАГЫЛАРАТӘИ АХӘҬАҞНЫ ИҞОУ АРРАТӘ ИНФРАСТРУКТУРА АОБИЕКТҚӘА ДЫРҬААИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәараан Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа дырҭааит.

Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылахьчара аминистр, аштаб хада аиҳабы Владимир Ануа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ицны иаҭааит АА Атәылахьчара аминистрра арратә хәҭақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵахьаз анапынҵақәа рыла арратә хәҭақәа руак аҟны изыхәҭоу арҿыцратә усурақәа рымҩаԥысшьа дахәаԥшны ибеит.

 


Read 253 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.