АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2023

АСЛАН БЖЬАНИА ЕИЦЫРДЫРУА АШӘҞӘЫҨҨЫ, АКЛАССИК АЛЫҚЬСА ГОГӘУА ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.  Адныҳәларатә цҳамҭа аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара, зырҿиара Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы еицырдыруа шәҟәыҩҩуп, ҳаамҭазтәи классикуп, зажәа акрылнадо уаажәларратә усзуҩуп. Ахә ашьара уадаҩуп иахьатәи аԥсуа литература, иахьатәи аԥсуа абызшәа аҿиараҿы Шәара шәлагаламҭа. Шәара шәырҿиара зегьы ибзиаӡаны ианыԥшуеит даҽакы иаламҩашьо, иҷыдоу аԥсуа милаҭтә хәыцшьа, ҳмилаҭ ирҟазшьоу аԥсҭазааратә философиа. Аԥсуа цәа рыҟәнуп шәҩымҭа ссирқәа бырлашҵас иргәылаԥсоу ақәыԥшра, аҿара, абзиабара ахаҿсахьақәа. Амҽхак ҭбаауп, иҵаулоуп ҟазара дула иаашәырԥшуа азаҵәра, ажәра, аиԥырҵра атема. 

  Шәара шәажәабжьқәа, шәповестқәа, шәроманқәа, ҷыдала, ароман-араԥсодиа «Асду» аԥсуа литеаратура акырӡа изырбеиаз, аԥсуа ажәа аҵакы ҳаразкыз аԥҵамҭақәоуп.  Алықьса Ноча-иԥа, Шәира амш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәра ду, агәабзиара, агәамч, ишәыгымзааит аринахысгьы арҿиаратә гәазыҳәара.

Ҳаҭырла, АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА 

А. БЖЬАНИА. 

 

 


Read 229 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.