АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2023

АФЕДЕРАЦИА АХЕИЛАК АЕКОНОМИКАТӘ УСҚӘА РЗЫ АӠБАРҬАҚӘА РЫӠБАМҬАҚӘА РАЗХАҴАРА АЗЫ АИҚҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗНАУИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак ахаша имҩаԥысыз апленартә еилатәара аҿы аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡареи рзы Урыстәылеи Аԥни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит рашәарамза 29, 2022 шықәса Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Анаҩс уи аратификациа азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь инашьҭын, жәабранмза  25, 2023 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит.

Иарбоу Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҩганк аусдкыларатә, мамзаргьы даҽа економикатә усура амҩаԥгараан ицәырҵуа аилибамкаарақәеи аимак-аиҿакқәеи рганахьала жәларбжьаратәи акоммерциатә арбитражқәеи аӡбарҭақәеи ирыдыркылаз, азакәанмчы зауз аӡбамҭақәа азхарҵоит, анаҩс азакәан мҩала инарыгӡоит. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара алкаа аҿы ишарбоу ала, аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура аусдкыларатә, мамзаргьы егьи ахырхарҭа змоу аекономикатә усура иалаху азинтә цхыраара рыҭара аусхкы аҿы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура жәларбжьара-зинтә шьаҭа арӷәӷәара иацхраауеит.

 

 


Read 211 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.