АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2023

АԤСЕИҚӘЫРХАҨЦӘА АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АХЬ ДНАРГЕИТ ГӘЫМА АҚЫҬА АҾЫ ИНХО АХАҴА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа хәажәкырамза 14 рзы ироуз адырра ала Аҟәа араион Гәыма ақыҭахь (Абжьаҟәа) ицеит. 1956 шықәса ииз атәылауаҩ Ашәба адабла исит, уи иаарласны амедицинатә цхыраара иҭатәхеит.  Аиқәырхаҩцәа ачымазаҩ аҳҭнықалақь ахь дааганы Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа дрырҭеит, ҳәа хәажәкырамза 15 рзы адырра ҟанаҵеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа руаӡәк амҩан ачымазаҩ иахәҭоу ацхыраареи ахылаԥшреи илҭон. Аӡхыҵхырҭақәа рҿы ааигәа иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны аиқәырхаҩцәа зыҩаӡара ҳаракхаз аӡиасқәа Гәымсҭеи Чедыми ирны ауп ачымазаҩ иаагара шалдыршаз.


Read 194 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.