АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Хәажәкыр.2023

ДМИТРИ ДБАР: АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ АҬАГЫЛАЗААШЬА ҲАСАБ АЗУНЫ ҲАРА АТЕРРОРИСТҾАГЫЛАРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА ЕИҲА ЛАССЫ-ЛАССЫ ИМҨАԤААГАЛОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  12 инаркны 14-нӡа Гал араион аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада идҵа ала Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаарақәа разыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.  

Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аинрал-маиор Дмитри Дбар иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аруаа рҿаԥхьа аоперативтә хыдҵақәа ықәыргылан, анаҩс урҭ рырратә гыларҭақәа рахь еихшан.

«Азыҟаҵарақәа излауа ала аибашьратә- аконртеррористтәи адиверсиатә гәыԥқәа рҿагыларатәи ауснагӡатәқәа ирзааигәаны ишьақәгылоуп.  Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа инеиԥынкыланы есԥшьбарак еиҿкаахалоит. Араҟа иҟоу иҷыдоу аҟәшеиҵақәа азыҟаҵара бзиа рымоуп, иарбоу азыҟаҵарақәа рзы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьа рыла еибыҭоуп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.

Дмитри Дбар иажәақәа рыла, азыҟаҵарақәа ирылахәу аструктурақәа зегьы реимадареи русеицуреи алыршоуп.

«Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи иҟоу ашәарҭарақәеи ҳасаб азуны, ҳара ауааԥсыра атерроризм рацәыхьчара азы амеханизмқәа аус рыдулара азы еиҳа лассы-лассы ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагалоит. Аруаа еибадыруазароуп, еицхырааны рхыдҵақәа нарыгӡалароуп», – ҳәа инаҵшьна иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы Дмитри Дбар.


Read 172 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.