Саид Ҳаразиа иганахьала Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ирҭаз агәрагаразы. «Сара ибзианы еилыскаауеит исыду аҭакԥхықәра. Агәра згоит, ҳамчқәа еилаҳҵар, аихьӡарақәа раарԥшра, ашәарҭадара ахьчара шҳалшо. Аԥсуареи аламыси - абарҭ аҟазшьақәа роуп сара сзықәныҟәо. Ҳарҭ аџьабаа ҳбароуп Гәылрыԥшь араион аҟны анхара –анҵра арманшәалара адагьы, ари араион аҟны анхара ҳаҭырны иҟаларц азы», - иҳәеит иара.
Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа диит 1974 ш. ажьырныҳәамза 31 рзы, Аҟәа ақ. 1991 ш. рзы далгеит Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ. 1997 ш. рзы далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет "Аҳасабырбатә ԥхьаӡареи аудити" рзанааҭ ала. 1992-1992шш.- Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 2001-2008 шш. Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы имҩаԥысуаз ажәыларақәа активла дрылахәын. 2003-2007 шш.- Москва ақалақь аҟны Аиашахаҵаратә Ацқьа-Тихонтәи университет аҟны аҵара иҵон. Атеологиа абакалавр аҩаӡара имоуп. 1993-1996 шш.- Гәылрыԥшь араион аҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы аус иуан. 1996-1999 шш. -Драндатәи ачаитә фабрика аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2000-2005 ш.ш. - агрофирма "Кавказ" адиректор ихаҭыԥуаҩыс. 2005-2012 ш. ш. - ақыҭанхамҩатә наплакы "Софиа" адиректорс. 2016 ш. рзы ААУ агра-нџьныртә факультет далгеит. 2012-2022 шш. - Апарламент V -и VI-и аапхьарақәа рдепутатс дыҟан.