АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2023

АҞӘАТӘИ АНАПЛАКЫ «АРГО-ИНВЕСТ» АЦӘЫРГАҚӘҴА MITT – 2023 АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.         Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәуеит.

«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥԥшӡарақәа  рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рпопулиаризациа азы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада  Леуан Адлеиба.

Леуан Адлеиба иажәақәа рыла, Аԥсны астенд ацәыргақәҵа иаҭаауа акыр ирацәаҩуп, уи акыр аинтерес аҵаны иҟоуп.

«Ҳара Урыстәыла атәылауаа рҭаххрақәа ҷыдала ирықәшәо ахырхарҭақәа хәба ҳреиуоуп. Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа аус рыцура азы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра азы агәҭакқәа ҳамоуп.  Иахьа ацәыргақәҵа аусура раԥхьатәи амш акәын, ҳара ҳастенд иаҭаауан хыԥхьаӡара рацәала ауаа, азҵаарақәа ҳарҭон, Аԥсны, ахәҭакахьала Аҟәа ақалақь иазку акаталогқәа ирызҿлымҳан.  Агәыӷра сымоуп аимабзиаратә еимадара абжьаҵара анаҩсгьы уи хра злоу алҵшәақәа раарԥшрагьы шалыршахо», - ҳәа иҳәеит Леуан Адлеиба.

Москва ақалақь аҿы, хәажәкырамза 16 – 18 рзы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы ртуристтә потенциал адгалара мҩаԥыргоит  57 урытәылатәи арегионқәеи Аԥсны уахь иналаҵаны 24 тәылеи.


Read 210 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.