АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2023

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АРЕСПУБЛИКА АҾЫ АЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РЫԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЗЫ АРЕИДҚӘА МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа мызқәак раахыс, атәыла  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба идҵа ала амилициа аусзуҩцәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит. Есыҽны амҩақәа рҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рыпрофилактикеи иазкны ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Амилициа аусзуҩцәа есыҽны ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит.

Ареспублика иахьаҵанакуа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра аиҭоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Апатрультә гәыԥқәа ареидқәа рахь инеиуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аҳәынҭқарратә дыргақәа змам амашьынақәа, иара убас зсаркьақәа ԥшшәырку, иара убас ашәарҭадара амаҟақәа рыда иныҟәо автотранспорт.

Уаанӡа еиԥш уажәгьы азинхьчара аусзуҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит. Азинхьчаҩцәа ижәны амашьына аныҟәцаразы иаларгалаз ахараԥсақәа рырӷәӷәара амҩаҿы аҭагылазаашьа арҽеира ишахәо азы  агәыӷра рымоуп. Иара убас азинхьчара аусзуҩцәа ауааԥсыра ргәырҽанырҵоит ашәарҭадара амаҟақәа ныҟәыргаларц азы.

Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рхықәкы хаданы иҟоуп –  амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара армаҷра, иара убас амҩаҿы аныҟәара иалахәу зегьы ршәарҭадара аиқәыршәара.

Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.


Read 198 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.