АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Хәажәкыр.2023

АҞӘАТӘИ АҾАР ХЫХЬТӘИ ГӘЫМСҬА АЦҲА АҾЫ ИҞОУ АМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, аҵара Аусбарҭа, иара убас Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥкомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭеи Аҟәа ахақәиҭтәразы Марттәи ажәыларатә операциа 30-шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә акциа мҩаԥыргеит.

Акциа рхы аладырхәит аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәеи Аҟәатәи Иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭа акурсантцәеи.  Урҭ хыхьтәи Гәымсҭа ацҳа аҿы иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Гәымсҭа аӡиас ала ицон афрон ацәаҳәа. Араҟа ауп зегьы реиҳа ишьаарҵәыраз аидысларақәа ахьымҩаԥысуаз.   

Аҟәа ахақәиҭтәразы иҩаԥгаз Марттәи ажәылара аибашьраҿы акыр иуадаҩыз ажәылақәа иреиуоуп. Марттәи ажәылара аҿы иҭахеит 222-ҩык аԥсуа ар аибашьцәа, шәҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.


Read 198 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.