АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2023

ВАДИМ ВОУБА ИХАРАДҴАРА АЗЫ АШЬАУСЕИЛЫРГАРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокуратура Хада Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2, ахәҭаҷ 105, ахәҭа 3, апункт «а», ахәҭаҷ   99, ахәҭа 2, апунктқәа  «е», «ж» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа, ахәҭакахьала  Хмаил Рамин Нури-иԥа гәҭакыла ишьреи Џьумутиа Д.Р. игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭареи, иара убас гәыԥҩык ауаа рыла иҭҟьо абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи аиагареи рзы Воуба Вадим Витали-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаустә усеилыргара азы ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада официалтә саит.

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла, ԥхынгәымза 27, 2022 шықәа рзы Аҟәа ақалақь аҿы  Вадим Воуба иахьазы ишьақәыргылам ауаҩы дицны автомашьына BMW–328» ала дышнеиуаз Ешба имҩаду даанкыланы автомат «Калашников» ала жәантә еиҵамкәа Рамин Хмаил диеихсит.  Автомашьына «Lexus GS250» аԥхьатәи атәарҭа аҿы итәаз Рамин Хмаил иара уаҵәҟьа иԥҭазаара далҵит.  Амашьына аԥсҟы зкыз Џьумутиа Д. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днаган.  госпитализировали в Республиканскую больницу со сквозным пулевым ранением.

Хәажәкырамза 15, 2023 шықәсазы ашьаусеилыргара ахәаԥшразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵан.  


Read 203 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.