АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗАКӘАНМЧЫ ЗМОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨ АННА КУЗНЕЦОВА ДЫЛԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 7 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аԥҵаҩы Беслан Шьаҟаиеи Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецовеи реиԥылара   мҩаԥысит.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьаразы Азинмчы змоу лсаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Анна Кузнецова аҭаацәареи ахәыҷреи адгылара рыҭара ахырхарҭа ала илымоу аԥышәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла абацәа», аҭаацәа рыхьчара азы аиҿкаарақәа Рассоциациа инарыгӡо аусуреи, иара убас ааигәа инагӡахо асоциалтә проектқәеи дрылацәажәеит. Убри аан лара ас еиԥш аԥышәа Аԥсныгьы ахархәара аиура азы ажәалагала ҟалҵеит. 

Ахәҭакахьала, Мактина Џьынџьал ахәыҷы изинқәа рыхьчара аганахьала лара илымоу аԥышәа далацәажәеит, ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусура хадара злоу ахырхарҭақәа дырзааҭгылеит, Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзинқәа рыхьчара алыршареи иазырханы иазԥхьагәаҭаны иҟоу апроектқәеи азгәалҭеит.

Иара убас аиԥылараҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати ӷәӷәала ичмазаҩу аԥснытәи ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо  акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашанеи»  русеицура азԥхьагәазҭо ахырхарҭақәагьы ирзааҭгылеит.


Read 242 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.