АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Хәажәкыр.2023

АЕКОНОМИКАТӘ РЕФОРМА АХЫРХАРҬА ХАДАҚӘА РАЛКААРАЗЫ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА РАЗЫРХИАРА ИАЗКУ АХАДА ИҞНЫ ИҞОУ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АКТӘИ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ актәи аилатәара.

Уи иалоуп аҭҵаарадырратә уаажәларра, анаплакратә уаажәларра, аекономика аусхк аҟны аекспертцәа, абанктә система ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Аилатәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Иахьатәи аилатәара атема зегьы ибзианы ижәдыруеит. Иара актуалра амоуп. Ҳара, атәыла анапхгара ҳзы аполитикатә процесс иалахәу аполитикатә мчқәа зегьы ргәаанагара акраҵанакуеит. Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳахшыҩ еилаҵаны иҳаӡбаша иуадаҩу апроблемақәа

Ареформақәа рымҩаԥгара аамҭа ааижьҭеи акыр ҵуеит. Аха ари апроцесс мариаӡам, апопулизм ара ҭыԥ амамзароуп. Аекономикатә, аполитикатә еиҭакрақәеи асоциалтә реформақәа рырҿиареи апрофессионалтә знеишьеи шьаҭанкылатәи адыррақәеи рҭахуп. Сара агәра згоит ара еизаз зегьы ирҭаху акоуп: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиӷьтәра, атәылаҟны аԥсҭазаашьа аҩаӡара ашьҭыхра, аҳәынҭқарратә мчхара – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, амчхара аӡбаратә махәҭа арӷәӷәара. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит иазырхиахоит ҳәа азеиԥш алгоритм ари аусураҿы».

Аилатәара иалахәыз Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа ралкааразы дасу ридеиақәа, ражәалагалақәа аадырԥшит.

Аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа атәыла анапхгара аԥшьгара аҵак ду шамоу, иактуалтәынгьы ишыҟоу. Иҟоу аекономикатә проблемақәа жәпакы дрылацәажәо, иааирԥшит аекономикатә еиҭакрақәеи ареформақәеи рымҩаԥгара хымԥада иаҭахны ишыҟоу азы ҵаҵӷәыс иамоу.

Аҵарауаҩ иҳәеит аинвестициақәа радԥхьалара шаҭаху Аԥсны аекономика ашьақәыргыларазы. «Аԥсны аинвестициақәа рызҵаара аҵак ду амоуп, избан акәзар аҳәынҭқарра амацара азҵаарақәа зегьы азыӡбаӡом, иара убасгьы аҭыԥантәи анаплакыҩцәагьы уи аҟара рылшаӡом. Убри аҟнытә атәылаҟны аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицура шьақәыргыланы иҟазароуп. Агәра ганы сыҟоуп ари апроцесс хазы игоу ҳтәылауаагьы алахәзароуп ҳәа. Ари  Жәлар рнаплакы аԥҵара алнаршоит, Урыстәыла ишыҟоу еиԥш. Ас еиԥш иҟоу анаплакқәа Мрагыларатәи Аԥсны ианаалоит. Ара аӡа ыҟоуп. Ҳәарада, ԥасеиԥш анаплак дуқәа рыргылара алымшаргьы ҟалап, аха ауаа рдыррақәа хархәара ахьроуша идуум анаплакқәа раартра ҟалоит», - иҳәеит З. Шьалашьаа.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа р-Республикатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» амаӡаныҟәгаҩ Ҭемыр Надараиа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ас еиԥш аппозициа злахәу аиԥылара аиҿкааразы. Аха иазԥхьагәаҭоу ареформақәа агхеит ҳәа азиԥхьаӡеит, ахада иалхра анымҩаԥысуаз аҳәынҭқарразы зыда ԥсыхәа ыҟам ареформақәа рынагӡаразы иҟаз аргәыӷрақәа ари аԥхьа иҟазгьы уажәтәи анапхгаҩцәагьы рынагӡара шрылымшаз азгәаҭаны.

Ҭемыр Надараиа иҳәеит апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзинтә статус закәанԥҵарала аҳәаақәҵара азҵаара адгылара шаиҭо, убри аан иазгәеиҭеит игәы змырҭынчуа акы акәны ишыҟоу иара изы иеилкаам апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыквотаркра азҵаара.

Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы «Аидгылара» Кан Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада гәыкала аекономикатә реформақәа рымҩаԥгара шиҭаху, аха атәылаҟны иҟоу аилаҩынтраан ареформақәа рымҩаԥгара даара иуадаҩхоит».

«Апарт-отельқәа ирызку аидеиа бзиоуп, аха ақалақьргыларатә, адгьылтә закәанеидкыла азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵаӡам. Иаҳҳәап, апарт-номерқәа зтәу 10 нызқьҩык ртәакәзар ҳазлацәажәо, афакт аҟны 40 нызқь рҟынӡа ҳаур алшоит», - ҳәа иԥхьаӡоит Кан Кәарҷиа. 

К. Кәарҷиа игәаанагара ҵаҵӷәиркит ас еиԥш иҟоу аусура амҩаԥгаразы анормативтә зинтә актқәа рыҟамзаара азгәаҭаны. «Ари 10 шықәса раԥхьа иҟаҵазар акәын», - ҳәа игәы иаанагоит.

Аексперттә фонд «Аамҭа» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Џьынџьал аҳәынҭқарра ахада идигалеит аҳәынҭқарра иатәуи хазхаҭалатәи абизнес иатәуи ари адгьыл аҳәаа ахьымҩаԥысуа еилкааны иаирбарц. Абасала, апартаментқәа рзы азакәан аҟны азакәан аҟны ари аҳәаа убаӡом ҳәа   иԥхьаӡоит иара. Иара азакәан апроект, А.ЏЬынџьал игәаанагарала, атәылазы афеидара акәӡам, амилаҭтә еилазаара аԥсахразы ашәарҭара ацуп. «Ҳара 30 шықәса раԥхьа аиааира ҳгеит, ҳаҵамхаӡеит. Аха 30 -шықәсатәи адипломатиаҟны  ҳара ахыхьчаратә позициа ҳақәныҟәоит. Ҳара есқьынгьы иҳадгыло, ҩызара ҳзызуа атәыла аӡбахә ҳамоуп, аха уи ҳхы ишԥаҳархәеи?  Адипломатиатә жәыларахь ҳаиасроуп шьҭа, ҳара ҳазусҭцәоу ҳазхәыцроуп. Агьыс, ҳазусҭцәада, ҭыԥс иаанаҳкылои ҳара ҳадгылаҩ изы? Урҭ иазхарҵаз тәылоуп уаҳа акгьы…,», - иҳәеит иара.

Афымцамчтә кризис аӡбаразы Џьынџьал ирыдигалеит АИА «Амшынеиқәафымцамч» ахадас аппозициа ахаҭарнак дарҭарц, уи ихаҭыԥуаҩы – атәыла анапхгараҟнытә иарҭо ахаҿы.

«Ас еиԥш ала амаининг азҵаара аӡбара еиҳа лыҵшәа аиуеит. Рҩыџьагьы еидгыланы акриптовалиута арҳаразы иҟоу 100 000 аппарат инареиҳаны рхы иадырхәо афымцамч ахархәара ааныркылоит», - ҳәа агәра диргеит Алхас Џьынџьал.

ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин иҳәеит аекономика ареформа азуразы аҽазышәарақәа егьырҭ анапхгаҩцәа зегьы рыҟны иҟан, аха еиҳа лыҵшәа змаз 1994  шықәсазы иҟаз ауп.

Страничкин игәаанагарала афымцамч аҟны иҟоу ауадаҩрақәа амаининг ақәҵара иаԥсам. «Проблема хаданы иҟоу – ихаз, иажәыз афымца асистема ауп, уи иахҟьаны 500 млн кв сааҭ инареиҳаны иаҳцәыӡуеит. Атәылаҟны иҟаӡам атрансформатор хадақәа аиҵастанциақәа рҿы ирывагылоу аԥгаԥсатә трансформаторқәа.

Аполитикатә партиа «Аԥсны» аилак алахәҩы Беслан Ачба игәаанагарала ҳазҭагылоу аамҭазы аекономикатә еиҭакрақәак ртәы аҳәара заацәоуп, избан акәзар, раԥхьа иргыланы, иҟазароуп иҭышәынтәалоу  аекономикатә ҿиара амодель, уи ҳара ҳҿы аиҭакра аҭахуп.  «Ҳҳәынҭқарра атәым инвестор изы хазхаҭалатәи аинвестициа адԥхьалара иаҳа иаҭахны иаԥхьаӡоит, убри аан иара атәылауа ирзоужьу маҷуп», - ҳәа игәы иаанагоит иара. Ихадароуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла аҩныҵҟа имаҷуи ибжьаратәуи хазхаҭалатәи абизнес адгыларазы агәызҭаҵаратә механизмқәа раԥҵара.

Аилатәара иалахәыз аекономикатә усхк иадҳәалоу иактуалтәу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аслан Бжьаниа ари Акомиссиа аусуразы агәыӷра дуқәа шимоу атәы иҳәеит. «Ҳара аклассикатә знеишьа змоу реиԥш, иҷыдоу азнеишьақәагьы ҳҭахуп» - ҳәа ихиркәшеит иара.

Иқәгылаз ражәалагалақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада адҵа ҟаиҵеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 14 ирхымгакәа Аусуратә гәыԥ аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ иаҭаразы.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/4225-sostoyalos-pervoe-zasedanie-rabochej-gruppy-po-podgotovke-predlozhenij-o-prioritetnykh-napravleniyakh-ekonomicheskoj-reformy.

© АПСНЫПРЕСС..

 


Read 247 times - Ахәаша, 10 Хәажәкыр 2023 12:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.