АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Хәажәкыр.2023

ИНАЛ АРӠЫНБА ҚАРҬ ИМҨАԤЫСУА АХҬЫСҚӘА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАРА АИҬАКРОУП ИЗЗЫРХО ҲӘА ИАЗГӘЕИҬЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Арӡынба Қырҭтәыла имҩаԥысуа ЕАА Аҳәынҭдепартамент ароль далацәажәеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба  аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Қырҭтәыла ишьақәгыло аҭагылазаашьа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхо ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Ҳаҭыр зқәу ажәлар, Аԥсны анапхгара, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит, Қарҭ имҩаԥысуа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхо.

Аҭынчҿагылара мҩаԥыргошәа иқәгыло активла рхы иадырхәоит "Молотов икоктельқәа", амҩанкылара уҳәа агрессиа зҵоу ахымҩаԥгашьа аформақәа.

Ари иунарбоит дара шазырхио. Қарҭ аҿагыларақәа ирылахәу Еиду аштатқәа Рҳәынҭдепартамент, Қарҭ иҟоу ЕАА Ацҳаражәҳәарҭа рнапаҵаҟа иҟоуп.

Уи адагьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рҟны Еиҳабыратә аиҿкаарақәа ахаангьы рдеструктивтә роль ҳаракуп.

Ҳрегион аҿы ашәарҭадаратә система ҭышәынтәалоуп. Егрытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥснытәии урыстәылатәии аҷыдаҟәшақәа хылаԥшра арҭоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

 

 


Read 178 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.