Иҟалаз аҭҟәацра иахҟьаны автомашьына ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит. Уажәы ацәгьоура ҟазҵаз иԥшаара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 164, ахәҭа 2 (ԥжәарыла атәым мазара гәҭакыла аԥхасҭа аҭара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәыцгақәа изакәанымкәа аҵәахра, аиҭарсра) рыла ишьақәыргылам ахаҿы иганахьала аусеилыргара хацнаркит.
Жәабранмза 18 рзы 3 сааҭки 30 минуҭи 4 сааҭки 10 минуҭи рыбжьара, ишьақәыргылам ахаҿы атәым мазара аԥхасҭа аҭара гәҭакыс иҟаҵаны, Гәдоуҭа ақалақь, Арӡынба имҩа, аҩны №7 ашҭаҿы игылаз автомашьына макьаназы зыхкы шьақәыргылам арҭҟәацга аҵеиҵеит.
Иҟалаз аҭҟәацра иахҟьаны автомашьына ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит. Уажәы ацәгьоура ҟазҵаз иԥшаара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа имҩаԥысуеит.