АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ажьырныҳәа.2023

2022 ШЫҚӘСАЗЫ АИҚӘЫРХАҨЦӘА 1837-НТӘ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА АХЬЫҞАЛАЗ АҬЫԤҚӘА РАХЬ ААԤХЬАРА РОУИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы аихшьаалақәа ҟарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Иҳаҩсыз ашықәс азы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилатәара рхы аладырхәит аппарат Хада аҟәшеиҵақәа зегьы рнапхгаҩцәа реиԥш, араионтә былрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәагьы.  

2022 шықәсазы арбага хадақәа абас иҟоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы аԥсеиқәырхаҩцәа 1837-нтә иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеит. 979 инарзынаԥшуа абылрақәеи амцакрақәеи ҟалеит. Рыԥсы еиқәырхан 9-ҩык, 6-ҩык ҭахеит.  167-нтә аиқәырхаҩцәа амҩа-транспорттә машәыр хҭысқәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь ааԥхьара роуит. Урҭ рҿы иҭахеит ф-ҩык, еиқәырхахеит  28-ҩык.

Аӡы аҟны иҟоу обиектқәа рҿы иҟалеит 23 машәыр хҭыс. 8-ҩык рыԥсы аиқәырхара алыршахеит, 13-ҩык аӡы иагеит.

2022 шықәсазы аԥсеиқәырхаҩцәа ҩынҩажәижәабантә ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟьалаз ауаа рыԥшаара рхы аладырхәит. 32-ҩык рыԥшаара алыршахеит, аха аԥшаарақәа раан иара убас ирыԥшааит аа-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз ауаа рыԥсыбаҩ.  

2022 шықәсазы 63-ҩык атәылауааи ареспублика иаҭааз асасцәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҳақьымцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рырҭеит.

Иҳаҩсыз ашықәс азы аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аусзуҩцәа иԥшааны еиҵырхит 60 инарзынаԥшуа арҭҟәацгақәеи  20 рҟынӡа ахимиатә шәарҭадара змоу амаҭәашьарқәеи рԥыхагадатәра алдыршеит.

Аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, 2022-тәи ашықәс ахылаԥшырҭа ала жәларбжьаратәи агуманитартә операциақәа рынагӡара аганахьала иҷыдоу ашықәсны иҟалеит. Жәабранмза 2022 шықәсазы иҷыдоу арратә операциа алагара инаркны, Аԥсныҟа аконфликт азона аҟынтәи раагара алыршахеит 132-ҩык ахҵәацәа. ЛЖәР, ЛЖәР, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы инхо ауааԥсыра рзы 200 тонн рҟынӡа, иара убас милаҭрацәала еилоу абаталион  «Пиатнашка» аизаараҿы Иҷыдоу арратә операциа зхы алазырхәо Аԥсны атәылауаа рзы 20 тонн рҟынӡа агуманитартә цхыраара дәықәҵахеит.

Агуманитартә еидара аизгара активла рхы аладырхәит хазхаҭалатәи ахаҿқәа реиԥш аиуристтә хаҿқәагьы. Рашәарамза 14 – 28, 2022 шықәса рзы 15 –ҩык Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ЛЖәР, аибашьра ахьцо аҭыԥ иацәыхарамкәа авариа-еиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара иалахәын.  

Жәабранмза, 2022 шықәса инаркны Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ДЖәР аҟынтәи Донбас ахақәиҭтәразы иҭахаз 7 - ҩык рыԥсыбаҩ аагара алыршахеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҳаҩсыз ашықәс азы усура азеиԥш еихшьаалақәа ҟаҵо, аминитр Лев Кәыҵниа иааизакны ахәшьара бзиа аиҭеит ахылаԥшырҭа хаҭалатәи аилазаара аусура. Иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа иҷыдоу азона аҿы агуманитартә акциақәа нагӡахеит. Иқәыргылаз ахыдҵақәа зегьы рымҩаԥгара алыршахеит.


Read 165 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.