АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ажьырныҳәа.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АНХАРҬАҬЫԤ АЛА РЕИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АМИТИНГ МҨАԤЫЗГО РХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәаразы Аҟәа амитинг амҩаԥгара еиҿызкааз аҭаацәа рхаҭарнакцәа идикылеит. 

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Апарламент адепутатцәа Кан Кәарҷиа, Асҭамыр Гьерхьелиа, Инар Гыцба, Ерик Рштуни, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар  реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба злахәыз аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Амитинг ахь ицәырҵыз рхаҭарнакцәа изларҳәо ала, дара ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рхаҭаранакра руеит, урҭ реиҳараҩык акыр шықәса раахыс рынхарҭатә проблемақәа рҭышәынтәалара алзыршо аӡбамҭа иазыԥшуп, қьырала изыҩноу ауадақәа рыхәԥса ашәарагьы акыр ирцәыуадаҩуп.  

Убри аан иазгәаҭан, аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭаҭыԥ 2023-2025шш.» мацара ала рынхаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра ишазыԥшу  413-ҩык инарзынаԥшуа азыҳәамҭақәа алазҵаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 1-тәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа, ихәыҷы аахыс аинвалидра змоу, ахәыҷы-инвалидцәа знапы иану аҭаацәа, ани аби змам аиаҭымцәа, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа, иара убас х-ҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа. Амитинг ахь ицәырҵыз ауаа рызҵаара аӡбарала иарбоу ауаа рзинқәа рывалареи рырмаҷреи  ҟалаӡом.  Аиԥылара аҿы зыпроблема аӡбара ахәҭоу ауаа ркатегориақәеи рсиеи цқьа еилкааны ашьақәырӷәӷәара азы зегьы еиқәшаҳаҭны аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 169 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.