Аусурақәа зегьы аекологиатә маҵзура ақәыршаҳаҭны имҩаԥысуеит. Урҭ хыркәшахоит аҵиаақәа аӡы рылалара аамҭахәҭа ҟалаанӡа, ҳәа адарра ҟаҵоуп Очамчыра ақалақь Ахадара Феисбук аҿы иҟоу адаҟьа аҿы.
20.Ажьырныҳәа.2023
ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АМШЫН АԤШАҲӘА АҾЫ АҴЛАҚӘЕИ АЧЫҚЬҚӘЕИ РЕИЛЫХРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амуниципалтә наплакы «Ицқьоу ақалақь» амчала Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа изызҳауа аҵлақәеи ачықьқәеи реилыхра мҩаԥысуеит.
Аԥсаҵлақәа иҩаз амахәқәа рхырффареи аолеандр ачықьқәа реилыхреи мҩаԥысуеит.