АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

ИЗАКӘАНЫМКӘА ИШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АТРАНСФОРМАТОРҚӘА РДЕМОНТАЖ ИАЗКУ АУСУРАҚӘА ИРЫЦҴАХОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аилатәара аҿы изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы аусмҩаԥгатәқәа абжьаратә лҵшәақәа ирылацәажәеит.

Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь ирылагӡаны афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аларҟәра алыршахеит, аха иҳаҩсыз хымш рыла афымцамч ахархәара арбагақәа ҩаԥхьа ирыцлеит.

Убри инамаданы Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», Аҳәынҭстандарт, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи, иара убас аҭыԥантәи ахадарақәеи рыцхыраарала  араионқәеи ақалақьқәеи рҿы изакәанымкәа ишьақәыргылоу атрансформаторқәа рықәгара иазку аусура ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 252 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.