АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

АКЦИА «ИҞАӠАМ АТӘЫМ РЫЦҲАРА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ МИЛЛИОН МААҬ ИНАРЕИҲАНЫ АЦХЫРААРА ЕИЗГАХЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿар раԥшьгаратә гәыԥ Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара азы еиҿыркааз акциа «Иҟаӡам атәым рыцҳара» аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ  миллионки 129 нызықьи 450 мааҭ  рҟынӡа инаӡоит.  Абри азы Аԥсныпресс акоррепондент адырра ииҭеит аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Инал Хәытаба.

Инал Хәытаба иажәақәа рыла, жәабранмза 6 рзы Ҭырқәтәыла аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы зегьы иреиҳау адгьылҵысра ҟалеит. Ҭырқәтәыла ашәарҭара иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәан, аҿаргьы аганаҿы изаанымхеит.

Жәабранмза 7 рзы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҟоу алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны агуманитартә еидара адәықәҵара уадаҩхон азы ацхыраара аҳасабала аԥаратә хархәагақәа реизгара шыҟало азы алаҳәара ҟалеит.

«Аҟәа ақалақь аҿы иаартхеит аинформациатә центр, араҟа ауаа иҟалаз азы адыррақәа роур алшон, асоциалтә аҳа Инстаграм аҿы адаҟьа аԥҵан, иара убас адышшыларақәа рышәҟәы аԥҵан. Изҭаху зегьы ааины аҭырқәа жәлар рахь адышшыларақәеи адгылара ажәақәеи рыҩыр алшон. Ҳара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа есымша ҳаҽрымаҳдон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Инал Хәытаба.

Иара убас, акциа иалахәхеит агәыҳалалратә фонд «Кьараз», уи ареспублика еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аԥараҭаԥсарҭақәа рыргылара еиҿнакааит.

Акциа жәабранмза 15 аҟынӡа имҩаԥысуан. «Ари аамҭа иалагӡаны 1 миллионки 129 нызықьи 450 мааҭ реизгара алыршахеит. 450 – ҩык инареиҳаны ацхыраара ҟарҵеит», – ҳәа иҳәеит Инал Хәытаба.

Уи иажәақәа рыла, жәабранмза 17 рзы еизгаз аԥаратә хархәагақәа Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра (АФАД) аҟны иҟоу иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа асчиот иахыԥхьаӡалахеит. Убасҵәҟьа Ҭырқәтәылаҟа адышшыларақәа зну ашәҟәы адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп.


Read 251 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.