АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

АСИДА АҲӘБА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЕКОЛОГИАТӘ ПРЕМИА «ЭКОМИР-22» АЛАУРЕАТРА АЗЫ АДИПЛОМИ АМЕДАЛИ ЛАНАРШЬЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы имҩаԥысит аноминациа  «Адгьылсахьа-парктә дизаин, ҳаамҭазтәи архитектуратә ӡбамҭақәеи апеизажтә ҿыханҵеи» ала апроект «Смотри сердцем» азы Жәларбжьаратәи аекологиатә премиа «ЭКОМИР-22» алуреат Асида Аҳәба адипломи амедали ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент адырра иоуит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы.

Аусҩаԥгатә ихы алаирхәит акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Москва ақалақь, Аҵарауаа Рыҩны Хада аҿы Жәларбжьаратәи аекологиатә конкурс  (апремиа) «ЭкоМир-2022» алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Жәларбжьаратәи аекологиатә Премиа «ЭкоМир» иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи аекологиатә шәарҭадара ашьақәыргылареи , иара убас XXI ашәышықәа азы иҭышәынтәалоу аҿиара иазырхоу егьи ахырхарҭақәа рыла аекологиатә усура аҿы иналукааша аихьӡара дуқәа рзы иранашьахо ауаажәларратә ҳамҭаны иҟоуп. 

Жәларбжьаратәи аекологиатә конкурс (апремиа) «ЭкоМир» аиҿкаара ахахьы иагеит  Урыстәыла иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа. 

 

 


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.