Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа рыла комплексла ареидттәии апрофилактикатәии аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 1242 рҟынӡа амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 107 автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы, 108-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп. Амаҵуратә ргыларҭа аҿы иргылоуп аԥҟара еилазгаз равтомашьынақәа хәба. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара имҩаԥнаго аусура амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыпрофилактикеи урҭ рыхҟьаԥҟьақәа реиҵатәреи еиуеиԥшым аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхареи иазырхоуп.
Ареидтә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аҟәшеиҵақәа, аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаара, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа.