АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

ЖӘАБРАНМЗА 20 РЗЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА V ААԤХЬАРА АЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА НҴӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 20 рзы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара азинмчы аҽҳәара нҵәеит.

Ашәахьаҽны имҩаԥысит Ауаажәларратә Палата аихшьааларатә пленартә еилатәара. Аусмҩаԥгатә аҿы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара хы-шықәса ирылагӡаны инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵан.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата азы» азакәан ахәҭаҷ  8, апункт    8 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рзинмчы апалата раԥхьатәи апленартә еилатәара инаркны 3 шықәса рышьҭахь инҵәоит.


Read 227 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.